Советом Священной Митрополии Абхазии и священнослужители Священной Митрополии Абхазии архимандрит Дорофей (Дбар) и иеромонах Андрей (Ампар) продолжают священнодействовать в храмах Священной Митрополии Абхазии решение

Вид материалаРешение

Содержание


Аџьар Жәлар Реизара ахьӡала
Подобный материал:
1   2   3   4   5   6   7   8
Ҳаҭыр дуӡӡа зқәу Анцәахаҵараиаша змоу Аҭыҧантәи Ақьырсиан Ныхақәа Раҧхьагылаҩцәеи Анцәахаҵараиаша змоу Аҭыҧантәи Ақьырсиан Ныхақәа Рсинод Ҧшьақәа рылахәцәеи!


Маи мза 15, 2011 шықәсазы ацқьа цҳаражәҳәаҩ Симон Кананит ихьыӡ зху Афон Ҿыц (Анаҟәаҧиа) иҟоу амонастыр иатәу аныҳәарҭа хада аҟны имҩаҧысит Аҧсны иқәынхо анцәахаҵараиаша змоу ақьырсиан жәлар злахәыз Аџьар Жәлар Реизара. Ари Аизара рхы аладырхәит аҧсуа ҧшьаҩцәеи амонахцәеи рхаҭарнакцәа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәеи, егьырҭ Аҧсны Аиҳабыра амчрақәа русбарҭақәеи, еиуеиҧшым апартиақәеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәеи, инарҭбааны ауаажәларратә еидгыларақәеи, аинтеллигенциеи, аҿари. Иааидкыланы, Аизара иалахәын 1500-ҩык инареиҳаны ауаа. Урҭ рахьтә ашәҟәы иҭаҩҩын 1107-ҩык. Абжьыҭира рхы аладырхәит 753-ҩык анцәахаҵараиаша змоу ақьырсианцәа. Аизара Ақтқәеи алахәцәа зну Аҭагалара Шәҟәқәеи шьҭоуп ацқьа цҳаражәҳәаҩ Симон Кананит ихьыӡ зху амонастыр аҟны. Арҭ ашәҟәқәа идыршаҳаҭуеит ари Аизара ҳажәлар рыҧсҭазаараҿы аҭоурых ҵакы змоу хҭысны ишыҟоу.

Ас еиҧш аизара мҩаҧысит асовет мчра ашықәсқәеи Аҧсны иахьатәи ақьырсиан Нцәахаҵараиаша аҭоурыхи рҿы раҧхьаӡакәны. Ари аҩыза Аизара аҵыхәтәаны имҩаҧган 1917 шықәса лаҵарамзазы Аҟәа ақалақь, аҧшьаҩцәеи Аҧсны анцәахаҵараиаша змаз ақьырсиануаа рахьтә иалкааны инаҧхьаз алархәны. Уи иалахәын инарылукааша анцәахаҵараиашатә қьырсиантә ныхеи, аполитикатәи, ауаажәларратәи усзуҩцәа. Анаҩстәи аполитикатә хҭысқәа, лымкаала, 1917 шықәсазтәи ареволиуциа, аҧсуа џьар жәлар рзы иҭоурыхтәны иҟаз Аизара азыӡбақәа рынагӡара алдмыршеит.

Маи мза 15, 2011 шықәсазы Аџьар Жәлар Реизараҟны иалацәажәан Аҧсны Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныха аҭагылазаашьа. Ҳтәылаҿы 1992-1993 шш. инадыркны, Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь, 18 шықәса раахыс дҳамам аепископ. Даҽакала иаҳҳәозар, иҟаӡам Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныха ашьақәгылареи аҿиареи, избанзар дыҟам ҳажәлар рдоуҳамаҵзура зуалу аҧшьаҩцәа азызкыша аепископ. Абри инадҳәаланы, Аџьар Жәлар Реизараҿы ирыдыркылеит анаҩстәи азыӡбақәа:

1. Анцәахаҵараиаша змоу ақьырсиан жәлар злахәыз Аџьар Жәлар Реизара иаҭатәуп, ихаҭәаанагӡоу Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныха аинститут шьақәгылаанӡа Аҧсны Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныха Иеиҳаӡоу анапхгара аусбарҭа астатус. Маи мза 15, 2011 шықәса инаркны Аҧсны Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныхеи, Аҧсны иахьаҵанакуа иҟоу ақьырсиан ныҳәарҭақәеи, амонастырқәеи, аҧшьаҭыҧқәеи рлахьынҵа иадҳәалоу акрызҵазкуа азыӡбақәа зегьы ӡбазароуп ҷыдала Аџьар Жәлар Реизараҿы. Арҭ азыӡбақәа шьҭыхзароуп иаарту аилацәажәаралеи бжьыҭиралеи Аҧсны аҧшьаҩцәеи, амонахцәеи, ақьырсиан ныҳәарҭақәа ирыду ауааи, аҳәынҭқарра амчрақәа русбарҭақәа рхаҭарнакцәеи, инарҭбаау ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, аинтеллигенциеи, аҿари, анцәахаҵараиаша ныҟәызго Аҧсны ақьырсиан жәлар зегьи алархәны.

2. Иаҧҵатәуп Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа, зкафедра ақалақь Афон Ҿыц (Анаҟәаҧиа) иҟоу. Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа анаҩс ихьыҧшым Аҧсны Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныханы ишьақәгылоит. Аџьар Жәлар Реизара иалахәыз рыхьӡала ашәҟәы шьҭтәуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиустициа Аминистрра ашҟа, Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа иҿыцу анцәахаҵараиаша змоу ақьырсиан ныхатә еиҿкаарак аҳасабала азхаҵареи ашәҟәҭаҩреи рзы.

3. Иаҧҵатәуп Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак, аус зуа Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа анапхгаратә усбарҭаны, Аҧсны Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныха ақьырсиан ҧҟарақәа инарықәыршәаны астатус азҵаара ӡбахаанӡеи иақәнагоу ихаҭәаанагӡоу анапхгаратә усбарҭақәа шьақәгылаанӡеи. Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак иалалоит 12-ҩык: урҭ рахьтә 6-ҩык ҧшьаҩцәеи амонахцәеи рҟынтә, 6-ҩык анцәаиашахаҵара змоу ақьырсианцәа (ахацәа) рҟнытә.

Ахеилак иалахәхараны иҟаз акандидатцәа рсиа ашьақәырҕәҕәара анаҩс, маӡала абжьыҭирала Аџьар Жәлар Реизара иалырхит Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак алахәцәа.

4. Далхтәуп Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак Ахантәаҩы, Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак аус еиҿызкаауеи хаҭарнакра азызуеи. Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак Ахантәаҩы дыҟазаауеит Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа ақьырсиан ҧҟарақәа инарықәыршәаны астатус азҵаара аӡбараан Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа аепископразы кандидатс. Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак Ахантәаҩы далххоит амонахҧшьаҩцәа рхыҧхьаӡараҟнытә Аџьар Жәлар Реизара иалахәу зегьы маӡала рыбжьыҭирала. Уи ихьыӡ арбазароуп аҧшьаҩцәа рҟынтә Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак аҿы 6 ҭыҧк аанызкыло акандидатцәа рсиаҟны.

Ахеилак Ахантәаҩи аепископразы акандидати иалхразы акандидатцәа рсиа ашьақәырҕәҕәара анаҩс, маӡала абжьыҭирала хҩык акандидатцәа рхыҧхьаӡараҟнытә далхын архимандрит Дараҭ (Дбар).

5. Аџьар Жәлар Реизара иалахәыз зегьы рыхьӡала аҳәара ҟаҵатәуп Анцәахаҵараиаша змоу Аҭыҧантәи Ақьырсиан Ныхақәа раҧхьагылаҩцәеи Рсинод Ҧшьақәеи рышҟа Адунеизегьтәи Апатриарх ихаҭарнак хантәаҩра ззиуа ҷыдалатәи Акомиссиа аҧҵаразы. Уи Акомиссиа хымҧада иалахәзароуп Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилак ахаҭарнакцәа. Акомиссиа аусураҿы иалацәажәароуп, аҧхьатәи ашьаҿаҟны, Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа ақьырсиан ҧҟарақәа инарықәыршәаны астатус азҵаара, аҩбатәи ашьаҿаҟны, Аҧсны Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныха астатус аҳәаақәҵара, даҽакала иуҳәозар, ихьыҧшым Аҧсны Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныха аиҭашьақәыргылара.


Ҳаҭыр дуӡӡа зқәу Анцәахаҵараиаша змоу Аҭыҧантәи Ақьырсиан Ныхақәа Рхадацәеи Рсинод Ҧшьақәа рылахәцәеи!



Ҳшәыҳәоит, зҿлымҳара ашәҭарц Аҧсны жәлар рыҩныҵҟа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа. Кавказ иқәынхо ҳажәлар, уи шуадаҩугьы, ақьырсиан-нцәаиашахаҵара аиқәырхареи аиҭашьақәыргылареи иашьҭоуп. Ҳара, Адунеизегьтәи Апатриарх аҧхьа днаргыланы ақьырсиан-нцәаиашахаҵара змоу ауаажәларра зегь рышҟа аҳәара ҟаҳҵоит аамҭа кьаҿк иалагӡаны маи мза 15, 2011 шықәсазы Аџьар Жәлар Реизараҟны ирыдыркылаз азыӡбақәа шьаҭас измоу Аҧсны Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныха астатус азҵаара алацәажәара иазку иҷыдоу Акомиссиа аҧҵаразы.

Иара убас ҳшәыҳәоит, Аҧсны Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныха аҭагылазаашьа абаразы шәхаҭарнакцәа ҳзаашәышьҭырц.


Аџьар Жәлар Реизара ахьӡала:


Аџьар Жәлар Реизареи Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилаки рхантәаҩы:

Архимандрит Дараҭ (Дбар) ––––––––––––––––––––


Аџьар Жәлар Реизара апрезидиуми Аҧсны Амитрополиа Ҧшьа Ахеилаки рылахәцәа:

Амонахҧшьаҩы Андреи (Амҧар) –––––––––––––––––––––

Амонахдикәан Давид (Сарсаниа) ––––––––––––––––––––––

Амонах Феофан (Крутиков) –––––––––––––––––––––––

Амонах Симон (Лакрба) –––––––––––––––––––––––

Амонах Анастаси (Додарчук) –––––––––––––––––––––––

Лакоба С. З. –––––––––––––––––––––––

Чачхалиа Д. К. –––––––––––––––––––––––

Ҭҳагәушев А. А. –––––––––––––––––––––––

Ҭраҧшь О. Т. –––––––––––––––––––––––

Ӡиӡариа Ҭ. С. –––––––––––––––––––––––

Ашәба А. Е. –––––––––––––––––––––––


Аџьар Жәлар Реизара амаӡаныҟәгаҩцәа:


Ашәба А. Е. ––––––––––––––––––––––

Маршьан Г. М. ––––––––––––––––––––––





ИАЦУ

Аҧсны Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныха ашьақәгыларазы аилыркаа ааркьаҿны

Аҧсны ақьырсианра аланагало иалагеит I ашәышықәса агәҭа инаркны. Ара агәырҕьаҿҳәашажәа рыладырҵәон Ҳаҳ Ду Иаса Қьырса иҵаҩцәа жәаҩаҩык рахьтә ҩыџьа: ацқьа цҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аҧхьанаҧхьаҩи Симон Кананити. Ацҳаражәҳәаҩ Симон Кананит анышә дамадан Анаҟәаҧиа (Афон Ҿыц). IV ашәышықәса алагамҭазы Пицунда ишьақәгылоит Аҧсны раҧхьатәи Ақьырсиан ныхатә еиҿкаара – Питиунҭатәи Аепископиа. 325 шықәсазы Аепсикоп Пицундатәи Стратофил I Адунеизегьтәи Ақьырсиантә Еизара далахәхоит. V ашәышықәсазы аепископ Кекропи Себастополтәи IV Адунеизегьтәи Ақьырсиантә Еизара далахәхоит. VI ашәышықәсазы аимператор Иустиниан Ду аҧсуа жәытә хылҵшьҭрақәа рырқьырсианра хиркәшоит, иагьаҧиҵоит ихьыҧшым Абазгтә (Аҧсуа) Епархиа Архиепископ Себастополтәи (иахьатәи Аҟәа) дызхагылаз. Себастополтәи акафедра Константинополтәи Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныха аепархиақәа рсиаҿы 34 аномер аҵаҟа иарбан. VII ашәышықәсазы иеицырдыруа византиатәи атеолог ацқьа Мақсим Анцәаишаҳаҭҩы иҵаҩы ацқьа Анастаси иҩуан Аҧсны “Қьырса бзиа дызбо абазгцәеи”, иара анапхгаҩцәа рзы “Қьырса бзиа дызбо аҧхьагылаҩцәеи” ртәылоуп ҳәа. VIII ашәышықәса агәҭаны ишьақәгылоит ихьыҧшым Аҧсны Анцәахаҵараиаша змаз Ақьырсиан Ныха Акаталикос Иоанн дызхагылаз. Уи иалхреи напиқәҵареи мҩаҧысит Антиохиа. Аҧсны Анцәахаҵараиаша змаз Ақьырсиан Ныха XVIII ашәышықәса анҵәамҭанӡа иҟан. Аҵыхәтәантәи Аҧсуа Акаталикос Мақсим II иҧсҭазаара далҵит Киев-Печертәи Алавраҿы 1795 шықәсазы. 1851 шықәсазы Аҧсны иахьаҵанакуа (усҟан Урыстәылатәи аимпериа иалалахьан) иаҧҵахоит Аҧсуа Епархиа. 1885 шықәсазы иара Аҟәатәи Аепархиа ҳәа ахьыӡ ҧсахын. 1917 шықәсазы Аҟәатәи Аепархиа иаҵанакуан 125 анцәахаҵараиаша змаз ақьырсианцәа здыз Ақьырсиан-ныхатә еиҿкаарақәа: 61 аҧсуа, 36 аурыс, 16 бырзен, 4 агыруа-қырҭуа, 8 еилаҧсаз. 1918 шықәсазы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аҧсны рнапаҿы ианаарга, иаҧҵахоит усҟан иазхаҵамыз Ақырҭуа Анцәахаҵараиаша змаз Ақьырсиан Ныха иаҵанакуаз Аҟәа-Аҧснытәи Аепархиа. 1943 шықәсазы Аурыс Анцәахаҵараиаша змаз Ақьырсиан Ныха Аҟәа-Аҧснытәи Аепархиа Ақырҭуа Анцәахаҵараиаша змаз Ақьырсиан Ныха иатәны иазханаҵеит. 1993 шықәса инаркны Аҟәа-Аҧснытәи Аепархиа де-факто ахы иақәиҭуп. Уи ақьырсиантә ҧҟарақәа инарықәыршәаны астатус шьақәыргылаӡамкәа иаанхоит. Ара аепископ дшыҟам еиҧш иҟаӡам ихаҭәаанагӡоу ақьырсиан-ныхатә ҧсҭазаарагьы. Иахьа Аҧсны иахьаҵанакуа аус руеит Анцәахаҵараиаша змоу Ақьырсиан Ныха иаҵанакуа аныҳәарҭақәа 15 (150 ныхабааш инарыцны иҟаз рахьтә) амонастырқәа ҩбеи. Аҧсны иқәынхо аҧсуаа реиҳараҩык ақьырсиан-хаҵараиаша ныҟәыргоит.